Гагра араион ахақәиҭтәра — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа еибашьцәа раԥхьатәи риааироуп
Гагра араион ахақәиҭтәра — Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан аԥсуа еибашьцәа раԥхьатәи риааироуп.
33 шықәса раԥхьа, жьҭаара 6 1992 шықәсазы, асааҭ 6:40 рзы аҳәынҭқарратә бираҟ ахадыргылеит Аԥсни Урыстәылеи рҳәаа Ԥсоу.
Нанҳәа 15, 1992 шықәсазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ианалага адырҩаҽны Ԥоҭынтә Гаграҟа мшынла идәықәлеит аӷацәа рдесант. Асааҭ 13:00 рзеиԥш дара Цандрыԥшь иӡхыҵит. Аԥсуа хацәа гәыԥҩык ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа аҿагылара рырҭарц рҽазыршәеит рнапаҿы иҟаз бџьарқәак рыла, аха рымчқәа ахьеиҟарамыз иахҟьаны, ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьаҵыр акәхеит. Аӷацәа Гагра рнапахьы иааргеит. Аибашьра ацәаҳәа шьақәгылеит Ԥсахара ақыҭан.
Аԥсуа еибашьцәеи хатәгәаԥхарала иҳацеибашьуаз ҳашьцәеи Гагра араион аҭарцәразы ажәылара иалагеит жьҭаара 2 1992 шықәсазы, ашьыжь шаанӡа.
Араион 48 мшы ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рнапаҟны иҟан. Гагра араион ахақәиҭтәра рхы ақәырҵеит 117-ҩык ҳтәыла аҵеицәа.
Авидео © Аԥсуа телехәаԥшра
Source: Sputnik А?сны