хәуҷу, аха ҳаззыгәдуу Аԥсны ԥагьа егьырҭ атәылақәа инарываргыланы абжьы аҳара иаԥсоуп ҳәа азгәалҭеит Адунеизегьтәи аҿар рфестива

хәуҷу, аха ҳаззыгәдуу Аԥсны ԥагьа егьырҭ атәылақәа инарываргыланы абжьы аҳара иаԥсоуп ҳәа азгәалҭеит Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аизара алахәыла Милана Палԥҳа. Лара лажәақәа рыла, ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа аԥышәа аимдара мацара акәӡам изызку, жәларбжьаратәи аиҩызара ҿыцқәа рышьақәгыларазы илшароуп: “Аԥсны абаҩхатәра злоу, аидеиақәа рыла иҭәу, асасдкылара иазыхиоу тәылоуп. Ҳара ҳазхиоуп ҳԥышәа аимдара, аҵараҵара, еицаҳзеиԥшу апроектқәа раԥҵара“, — ҳәа азгәалҭеит лара. Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль аизара мҩаԥысуеит Нижни Новгород цәыббра 17 - 21 рзы. Аԥсны аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аспорт азы Аҳәынҭеилакы ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Ҭарашь Ҳагба хадара зиҭо Аԥснытәи аделегациа 42-ы алахәуп. Source: Sputnik А?сны
Back to Top