Аԥсны иааиуа амчыбжь азы иаартхоит “Аволонтиортә центр“, аус аиҿкаара шҳәаақәҵатәу иалацәажәеит аграждантә- уаажәларра арҿиара и

Аԥсны иааиуа амчыбжь азы иаартхоит “Аволонтиортә центр“, аус аиҿкаара шҳәаақәҵатәу иалацәажәеит аграждантә- уаажәларра арҿиара иазку Урыстәылазегьтәи афорум “Добрино“ аҟны, абри атәы лҳәеит Аҿари аспорти рзы аҳәынҭқарратә еилакы аусзуҩы, “Аԥсны акоманда” афиналистка Саманта Делԥҳа. Ацентр аусура иҳәаақәнаҵалоит аплатформа Добро.РФ ҳәа азгәалҭеит лара. Делԥҳа лажәақәа рыла, ацентр аусура аиҿкааразы урыстәылатәи рколлегацәа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп. Аграждантә- уаажәларра арҿиара иазку Урыстәылазегьтәи афорум “Добрино“ аҟны “Амаҵ аурала арҵара“ захьӡу апрограмма ҳалацәажәеит ҳәа азгәалҭеит лара арадио Sputnik аинтервиу аналҭоз. “Ари апрограмма ҵаратә знеишьоуп, уи абзоурала астудентцәа, ашколхәыҷқәа, аҵаратә процесс аҳәаақәа ирҭагӡаны аҳәынҭқарреи, абизнеси, икоммерциатәым аиҿкаарақәеи еицхырааны еиуеиԥшым асоциалтә проектқәа рынагӡароуп. Абри аҩыза апрограмма ҳара ҳҟны аларҵәара ҳалацәажәеит, урҭ алҵшәақәа рыман, аха ҷыдала алацәажәара макьана заацәоуп“, — лҳәеит лара. Аиҿцәажәара нарҭ... Source: Sputnik А?сны
Back to Top