Иацы иаҵаурхаз иахьа узицәшәои?/ ЕРҚАН ҚӘҬАРБА
ЕРҚАН ҚӘҬАРБА:
“Аҧсны агьама зыкхьаз ҳакәын“;
“Зыжәлар зҭахым идиаспорагьы иҭахым, ибираҟгьы иҭахӡам, ибызшәагьы иҭахӡам“;
“Аибашьра ашьҭахь акәын аӷәрақәа анырххатәыз“.
Аҧсны Хабар астудиаҿы ҳалацәажәоит атәыла ашәарҭадара азҵаара.
Ерқан Қәҭарба дышқәыҧшыз иҧсадгьыл ахь дхынҳәит, Аҧсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра далахәын, анаҩсгьы итәылаҿы дынхеит, Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҳәынҭқарратә еилакы аҟны акыр шықәса аус иуит.