Видео от Гылрышь Араион Администрациа
Гәылрыҧшь араион аҿы аҧсуа бызшәеи алитературеи ашьаҭаркҩы, Д.Гәли иубилеи ныҳәак аҳасабала иаҧылеит.
“Аҧхьара ззымдыруа длашәуп. Ашәҟәҩыра знымаало бызшәа ыҟаӡам.“
Гәылрыҧшь араион администрациа аҵарадырра аҟәша, Д Гәлиа иқәраныҳәа иазкны, жәабранмза алагамҭаз, еиҿыркаауа иалагеит имҩаҧгахо ауснагӡатәқәа.
Жәабранмза 1 инаркны, ашколхәыҷқәа рыбжьара имҩаҧган аицлабрақәа. Аицлабраҿы ашколхәыҷқәа алитература аганахьала ирымоу адыррақәа аадырҧшит.
Жәабранмза 20 рзы иалкаахаз алҵшәа бзиақәа аазырҧшыз ашколхәыҷқәа, араион “Акультура Ахан“ ахь ааҧхьара рыман. Имҩаҧган агәалашәаратә еиҧылара: ирыҧхьеит ажәеинраалақәа, иаздырхиеит ашәақәа, иаадырҧшит алитературахь ирымоу абзиабара.