• Салют в Новом Афоне 29 сентября 2023 года. Fireworks in New Aphon on September 29, 2023

Аҧсныжәлар цәыббрамза 30 аҽны иазгәарҭо Аиааирамш аламҭалаз Гьариа Даур Мас-иҧеи сареи, сҧеиҵба Баграт дҳацны, ҳаҟан Афон Ҿыц. Иаҳҭахын Афонҿыцтәи астадион аҿы имҩаҧысуаз аныҳәаду ҳҽалаҳархәырц. Афон Ҿыц ҳшааиз еиҧшҵәҟьа, ҳаихауардын аҭыҧ аалхны, астадионаҿ еиқәшәаз ауаа ҳанрылс-аарылсны Вова Малхасиан ҳашьишьҭаз, дааҳақәшәеит ҳҩыза бзиа Вадим Быҭәба. Абраҟагьы ҳара «ашьацҳәа» ҳааҿашәеит… Вадим ҳаҳаҭыр аҟынтә, шьардаамҭа ҳахьеибамбацыз иахҟьаны, ааҧхьара ҳаиҭеит «Х-ҷандарк» («Три платана») ҳәа хьӡыс измоу акаҳуажәырҭахь. Ҳаргьы, «бзиоуп» ҳ
Back to Top