АҞӘА АБЗЫРӠАШӘА
АҞӘА АБЗЫРӠАШӘА
Ҳақалақь бырлаш, ҳаԥсадгьыл Аԥсны,
Анык илыхшаз реиԥш шәеицыҟоуп ҳгәаҟны!
Мҩак ауп, лахьынҵак ауп: Аҟәа –Аԥсны!
Иеизыршаз, иеибахьчаз Аҟәа – Аԥсны!
Аҟәа, Аԥсынтәыла абираҟ зхаку! –
Мшын нырцә иагазгьы мраҵас ирзаку,
Иуцуп нырхаган Аԥсны жәлар рылша,
Уццышә уагәылҵны ҩаԥхьа улаша!
Ҳашьхақәа ирдыруеит иухыҵуа уара,
Ухьӡ ажәытәангьы инаҩхьан хара!
Уан Диоскуриа ԥхыӡла улбоит,
Ацәқәырԥқәа рыҵаҟа лныҳәабжь гоит.
Аҟәа, ҳамшын-гәашә, ужәҩан лашаз,
Ушлара иамакуа угылаз, уҿаз!
Аԥсуа ишьанҵамҩа уанысит уара,
Аӷа хәымга илымшеит уашҭаҿ аҳра!
Ҳақалақь шкәакәа, ҳаԥсадгьыл Аԥсны,
Анык илыхшаз реиԥш шәеицыҟоуп ҳгәаҟны!
Мҩак ауп, лахьынҵак ауп: Аҟәа – Аԥсны!
Иеизыршаз, иеибахьчаз Аҟәа – Аԥсны!
Шәынарха, шәымҩа нагаз хара,
Шьардаамҭа Аҟәа, Аԥсны аҳҭынра!
Мушьни Лашәриа, 1994
? Ахьыуардын шәақәтәа
Source: Ахьыуардын