«Ушел 30 минут назад» - уажәазы, абас хьӡыс измоу адокументалтә фильм аҭыхра мҩаҧысуеит Аҧсны

Уи фырхаҵа хадас дамоуп Очамчыра араион Тамшь ақыҭан иҟоу адәыӷба аангыларҭа аиҳабы Гиви Кан-иҧа Занҭариа. Афильм ҭырхуеит Санкт-Петербургынтәи иааз арҿиаратә гәыҧ. Уи аҭыхра адгылара арҭеит ҳтәыла акультура аминистрреи аҳәынҭқарратә унитартә наплакы Аҧсны аихамҩеи.
Back to Top